Аԥсны

Аԥсны ахада Ахылаԥшратә палата аиҳабы дидикылеит

Роберт Аршба Аԥсны Ахылаԥшратә палата ахантәаҩыс далырхит 2013 шықәса мшаԥы 29 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ахылаԥшратә палата аиҳабы Роберт Аршба дидикылеит изинмчрақәа рынҵәара инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа Роберт Аршба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ламысцқьала иусуразы, иазгәеиҭеит иара идыррақәеи иԥышәеи аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы ишаҭаххо.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны Апалата ахантәаҩы дарҭоит, ма дамырхуеит Апарламент адепутатцәа. Иара изинмчра аҿҳәара хәышықәса ҳәа ишьақәыргылоуп. Хаҿык азин имам ҩ-ҿҳәарак инареиҳаны ари аҭыԥ аанкылара.
Уаанӡа Апарламент аҟны Ахылаԥшратә палата ахантәаҩ ҿыцс ркандидатурақәа ықәыргылан Баҭал Аибеи Асҭамыр Аргәыни, аха абжьыҭара алҵшәақәа рыла рҩыџьа рҟынтәи аӡәгьы далхымызт.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Ахылаԥшратә палата ахантәаҩ ҿыц далрымхит