Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны ар рахь ааԥынтәи анаԥхьара рылеиҳәеит

Аррахь инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, аррамаҵзурахьы анаԥхьара зыхәҭоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса мшаԥы-рашәара амзақәа рзы арра рнаԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны, аррамаҵура зхызгаз арраҟынтә рхы иақәиҭтәуп.

2023 шықәса мшаԥы 1 инаркны рашәара 30-нӡа 18-27 шықәса зхыҵуа Аԥсны аррамаҵура иахысыр зыхәҭоу аррахь инаԥхьахоит.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианҵоуп аррамаҵурахь анаԥхьареи арраҟынтә ахрақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара еиҿыркаарц.