Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Севастопольтәи ахыбрақәа рыжәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа ҭархоуп

Севастопольтәи аобиектқәа рыжәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа рҟынтәи ҩба аррамаҵзурауаа-аҭыԥҳацәа икарыжьит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. УАМ рҽазыршәеит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа рыла Севастополь аобиектқәа ааха рырҭарц иҳәеит атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
Севастопольтәи аобиектқәа рыжәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа рҟынтәи ҩба аррамаҵзурауаа-аҭыԥҳацәа амшынуаҩ еиҳабы Марина Фалеевеи астаршина еиҳабы Татиана Целуикои икарыжьит.
Шоигу адҵа ҟаиҵеит урҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи апремиақәеи ранашьазарц.

"Иахьа асааҭ 4.00 инаркны асааҭ 5.56 минуҭ рыбжьара УАМ рҽазыршәон аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа рыла Севастополь аобиектқәа ааха рырҭарц. Ахархәагақәа хԥа рҟынтәи ҩба аррамаҵзурауаа-аҭыԥҳацәа - контрактла аррамаҵура иахысуа амшынуаҩ еиҳабы Марина Фалеевеи астаршина еиҳабы Татиана Целуикои - икарыжьит. Адҵа ҟасҵоит урҭ аҭыԥҳацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи апремиақәеи ранашьазарц", - иҳәеит иара.

Зынӡа арратә операциа иалагазар урыстәылатәи аԥрыҩцәа 140 000 ԥырра мҩаԥыргахьеит. Иҭархоуп 20 000 рҟынӡа аӷа иобиектқәа иҳәеит аминистр.