АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы хәажәкыра 22 рзы.
Апрограмма шьақәгылан аркәашагатә мелодиақәеи, еицырдыруа жәлар рашәақәеи. Урҭ иреиуоуп- "Шьышь -нани", "Аԥсуа ашәақәа рпопурри", "Изыурызеи", аркәашагатә - "Исламеи", "Аркәашагатә", "Нарҭаа", "Шьараҭын" уҳәа уб. иҵ.
Аконцерт иаҭааз ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьы еихсыӷьра ақәымызт.
Амилаҭтә ҵасқәеи, акультуреи, афольклори реиқәырхаразы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы 2016 шықәсазы еиҿкаан Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр.