АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҿы актәи аԥхьарала "Аԥсны Амилаҭтә банк азы" азакәан ариашарақәа рыдыркылеит.
Аԥсахрақәа Амилаҭтә банк ахантәаҩы имаҵурахьы акандидатцәа рахь аҭахрақәа шьақәнаргылеит:
Аԥсны атәылауаҩра амазаара, иреиҳау аекономикатә ҵара амазаара;
абанктә системаҟны ма абанктә аудит аиҿкаараҟны 5 шықәса иреиҵамкәа анапхгаратә усура аԥышәа амазаара.
Амилаҭтә банк ахантәаҩы имаҵурахьы акандидат атәыла ахада, ахада ихаҭыԥуаҩ, Апарламент аиҳабы, аԥыза-министр дрыуамзароуп. Ари иалнаршоит азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа иреиҳаӡоу амаҵура змоу ринтересқәа реимак аҽацәыхьчара.
Аԥсны Абанк ахантәаҩы имаҵура дарҭоит ма дамырхуеит Аԥсны Жәлар Реизара аӡбарала, атәыла ахада инаишьҭыз акандидатура инақәыршәаны.