Арадио

Сабуа еиҭеиҳәеит аӡхәыҵалаҩцәеи амшын аҟны аиқәырхаҩцәеи рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Sputnik
Аӡхәыҵалаҩ изанааҭ ала иахьа Аԥсны аус зуа маҷуп, иара убасгьы плиажцыԥхьаӡа аиқәырхаҩцәа ыҟазароуп, аха иҟам. Ари апроблема акурорттә аамҭа ианыԥшырц шалшо атәы арадио Sputnikаефир аҟны еиҭеиҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Аӡхәыҵалаҩ Аԥсны иахьа 20 нызқь мааҭ изыршәоит. Иҟоуп аӡы иагаз ауаҩы ҩымш-хымш инацны ианишьҭоу. Ҳәара аҭахума, аӡы иагаз иԥшра еицакуеит, аӡхәыҵалаҩ ипсихика ӷәӷәазароуп ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.
Иара иҳәеит аҳәынҭқарра алшарала аӡхәыҵалаҩ изанааҭ ала Ҟрым ицаны аҵара иахысыз хҩык рҟынтәи аӡәы шиакәу иаанхаз, егьырҭ ауалафахәы амаҷра иахҟьаны аусура аанрыжьит. Зынӡа аинспекциаҟны иахьазы аус руеит ԥшьҩык аӡхәыҵалаҩцәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.