Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни ршәарҭадаратә хеилакқәа рмаӡаныҟәгаҩцәа ашәарҭадара аиҿкаара иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни ршәарҭадаратә хеилакқәа рмаӡаныҟәгаҩцәа Николаи Патрушеви Сергеи Шамбеи ашәарҭадара аиҿкаара иалацәажәеит Москва.
Патрушеви Шамбеи ҩ-тәылак рмилаҭтә шәарҭадара аиҿкаара иалацәажәеит.
Аганқәа рнапы аҵарҩит 2023-2024 шықәсазы ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара аусеицура аплан. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит амчратә усбарҭақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи реинырра арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа.