Аԥсны

Аслан Бжьаниа идикылеит Ҟабарда-Балкариа ахатәгәаԥхаҩцәа рделегациа

Ҟабарда-Балкариантәи аделегациа иалоуп арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа" ахантәаҩы Тимур Шарданови Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рцентр аиҳабы Владимир Пшинокови.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Ҟабарда-Балкариантәи аделегациа, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аделегациа иалоуп арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа" ахантәаҩы Тимур Шарданови Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рцентр аиҳабы Владимир Пшинокови.
Аиԥылараан иалацәажәеит акультуратәи агуманитартә усеицуреи рызҵаарақәа. Аиԥылара иара убас иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Нхыҵ Кавказ аветеранцәа-ахатәгәаԥхаҩцәа рымадаразы ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьали.
Асасцәа Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков ихьӡала Аԥсны ахада ҳамҭас ирҭеит напылаҟаҵара ахраҿа.
Аслан Бжьаниа Шарданови Пшинокови иҭабуп ҳәа реиҳәеит ҳреспубликақәа реимадарақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы имҩаԥырго аусуразы, ҷыдала иаҵишьит ҳаиашьаратә Ҟабарда-Балкариа ажәлар пату ду шрықәырҵо, гәыкала ишырзыҟоу.