Очамчыра ақалақь ауааԥсыра ироуа аӡы ахаҭабзиара бзиам. Аныхразоуп акәымзар, ажәра гәаӷьыуацәоуп ҳәа азгәеиҭеит Габелаиа аиҿцәажәараҿы.
"Мықә аӡеизгарҭаҿы аусура хыркәшоуп уҳәар ауеит, уаантә аӡы аауеит ақалақь аҿы иҟоу ҩ-ӡеизгарҭак рахь, урҭ рахьынтә аӡы еихшаны ауааԥсыра ироуеит. Ақалақьтә ӡеизгарҭақәа рҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥгара арбоуп сынтәа Аинвеспрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аха ақалақь аҿы иҟоу ацәаҳәақәа рацәак иахьҽеим аҟынтә ауадаҩрақәа ҟалоит. Ҳгәы иаанагоит дара урҭгьы хәыҷы-хәыҷла аҭыԥ иқәҵахоит", - ҳәа иҳәеит Очамчыра ахада ихаҭыԥуаҩ.
Артемон Габелаиа иара убасгьы далацәажәеит ақыҭақәа рҿы амшцәгьақәа рышьҭахь ааха зауз ацҳақәа рыргылара аус шцо атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.