Аԥсны

Инал Арӡынба Индиа имҩаԥысуаз афорум онлаинла далахәын

"Евразиа амилаҭқәа Рассамблеиа амшқәа", зҳәаақәа рҿы абизнес-форум еиҿкаау, мҩаԥысуеит Индиа хәажәкыра 20-27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба онлаинла далахәын Индиа аҳҭнықалақь Дели имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афорум "Евразиатәи аҵакыраҿы абизнес-диалог". Абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа хада иазгәеиҭеит ҳреспублика шазҿлымҳау Индиеи иареи ганрацәала аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара.
Иара убас Арӡынба еиҭеиҳәеит Аԥсны атуристтә усхк атәы, инаҵишьит атәыла анапхгара уи арҿиара ҷыдала ишазааԥсо, избанзар ареспублика иаҭаауа рхыԥхьаӡара есышықәса иазҳауеит.
"Ҳара ҳҿы иҟоуп ари ахырхарҭа иазку аминистрра, Аԥсны активла аусеицуреи аԥшьгамҭақәа реицымҩаԥгареи ирызхиоуп", – ҳәа инаҵишьит, афорум асасцәа аԥсшәа раҳәо.