Михаил Казиник Қырҭтәыла иконцерт аҟәырхит иара уаанӡа Аԥсны дахьаҭаахьаз азы

Ақырҭуа еиҳабыра ишырҳәо ала, аурыс музыкант еилеигеит "импыҵахалоу аҵакырақәа рзы" азакәан, фышықәса раԥхьа Аҟәа данаҭаа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Алектор-амузыкаҭҵааҩ, аскрипкарҳәаҩ Михаил Казиник Қырҭтәыла аҳҭнықалақь Қарҭ мшаԥы 18 рзы имҩаԥигараны иҟаз аконцерт аҟәырхит. Абри атәы аанацҳауеит абилеҭқәа зҭиуа амаҵзура асоциалтә ҳақәа рҿы.
Аилахәыра аҳәамҭаҿы адырра ҟанаҵоит амузыкант ишеилеигаз "импыҵахалоу аҵакырақәа рзы" ақырҭуа закәан.
Михаил Казиник ипродиусер иажәақәа рыла, амузыкант даара игәы иалоуп ақәгылара дахьақәиҭырымтәыз азы.
Уаанӡа, 2017 шықәса рзы Казиник Аҟәаҟа даахьан. Иара Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы алекциа-концерт мҩаԥигеит, иара убас арадио Sputnik дсасны даҭан.
"Импыҵахалоу аҵакырақәа рзы" ақырҭуа закәан рыдыркылеит 2008 шықәса жьҭаарамзазы. Уи инақәыршәаны, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылала акәымкәа ралалара ҟалаӡом. Убас, Урыстәылантәи урҭ рҳәаақәа рахысра закәаным ҳәа ирыԥхьаӡоит, Урыстәыла ахаҭа акәзар, арҭ аҵакырақәа "зымпыҵазхалаз" ҳәынҭқарроуп ҳәа иршьоит.