АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аҟәа араион адепутатцәа изаамҭанытәиу реилатәараҿы ишьақәдырӷәӷәеит араион агерб. Абри атәы аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
Абжьыҭарахь ирыдгалан х-вариантк, адепутатцәа еицҿакны иалырхит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа авторс дызмоу "Гәыма агерб".
Аԥырак агәҭа иақәыршәаны аԥсуаа рҿы аԥсуара, аҟәыӷара, аиуара, аибааӡара символс иамоу алабашьа асахьа ануп.
Аԥырак маҷ, абжьарамшынтә, Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб шьаҭас иамоу аԥырак иеиԥшуп, иара арӷьеи армеи, хыхьи ҵаҟеи аҵакы змоу ахәҭақәа рыла еихшоуп. Арӷьарахьтәи ахәҭаҿы иануп згәашәқәа аарту, зеихац шьҭыху абааш раӡныԥсара. Уи иахагылоуп Аԥсны аҭоурыхтәи иахьатәии абираҟқәа, абааш иахалашоит аа-шәахәак змоу араӡны еҵәа.
Автор игәҭакы инақәыршәаны, абааш аӷәӷәареи агәымшәареи ирсимволуп, араион ибеиоу аҭоурыхи акультуреи ирдыргоуп, иаарту агәашәқәа - асасдкылара ҵакыс иамоуп, аихац - аибашьреи ахыхьчареи ишрызхиоу аанарԥшуеит.
Аԥырак армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ф-нҵәамҭак змоу аеҵәақәа зхагылоу ахьтәы хылԥақәа ҩба, иара убас аԥсуа бираҟ иашьашәалоу аиаҵәеи ашкәакәеи цәаҳәақәа.