Аԥсны

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

Аекспозициаҿы ицәыргоуп аԥсуа ԥҳәыс лыҵкы, аҟамчы, ақьаса, аԥшандагақәа, абаҩ иалху аҳәызбақәа. Арҭ артефактқәа Санкт-Петербургҟа инанагеит XIX-XX ашә. алагамҭазы, уи аахижьҭеи раԥхьаӡа акәны уажәоуп ианцәыргақәҵаха.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа "Аԥҳәыс аҩни сасра даныҟоуи" аатит Санкт-Петербург Урыстәылатәи аетнографиатә музеи аҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Кавказ, Абжьаратәи Азиа, Ҟазахсҭан ретнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Риҵа Зельницкаиа.
"Ацәыргақәҵа аиҿкааразы агәҭакы ҳгәыҳҽаӡамкәа иҳазцәырҵит. Ҳколлега машәыршәа ашԥырха лԥыхьашәеит. Уи ианын: "Мариам, аԥсуаа рҭыԥҳа лтәы" ҳәа. Усҟан еилаҳкааит иара аҳҭынра иатәыз аԥсыуа ԥҳәыск ишылтәыз. Инықәырԥшны иара аамҭала XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭа иаҵанакуеит ҳәа иҳаԥхьаӡеит. Ари аԥшаамҭа ашьҭахь ҳара иҳаӡбеит аԥсуа ԥҳәыс илызку ацәыргақәҵа еиҿаҳкаарц. Уи аҟны аҭыԥ хада ааннакылеит аԥсуа ҳәыс лыҩнтәи абзазара", - лҳәеит Зельницкаиа.
Риҵа Зельницкаиа
Ацәыргақәҵа авторцәа ауаа иддырбарц рҭахын аԥсуа ҳәсақәа ахәышҭаара адагьы рнапы злакыз шырацәаз. Дара аҽы иақәтәан, рыуа-рҭахы ирызцон. Абри атәы шаҳаҭра ауеит ахьтәы шԥырха, аԥҳәыс лкәадыр.
Ацәаргақәҵаҿы иара убас иӡыргоуп XIX ашә. анҵәамҭа – XX алагамҭа иаҵанакуа аԥсуа ԥҳәыс лыҵкы, аҟамчы, ақьаса, аԥшандагақәа, абаҩ иалху аҳәызбақәа. Арҭ артефактқәа Санкт-Петербургҟа инанагеит XIX-XX ашә. алагамҭазы.
1 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

2 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

3 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

4 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

5 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

6 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

7 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

8 / 8

Аԥсуа ԥҳәыс лыбзазара иазку ацәыргақәҵа аадыртит Санкт-Петербург

"Ҳара ҳмузеи беиоуп аԥсуа культура аазырԥшуа амаҭәарқәа рыла. Урҭ ҳмузеи аҿы рышьаҭа икит ҳәа ҳаԥхьаӡар ҳалшоит Александр Миллера, иара 1907 шықәсазы Аԥсны даҭаан, аус иуан Аӡҩыбжьа ақыҭан. Ацәыргақәҵаҿы иара убас иӡыргоуп Миллер 1926 шықәса рзы Калдахәара ақыҭантәи иааигаз амаҭәарқәагьы", - лҳәеит Риҵа Зельницкаиа.
Арҭ амаҭәарқәа зегьы раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп, Аԥснынтәи уахь инанагеижьҭеи. Урҭ аекспонатқәа зегьы уникалтәуп, избанзар дара акака роуп иҟоуп.
Санкт-Петербург Урыстәылатәи аетнографиатә музеи ацәыргақәҵа "Аԥҳәыс аҩни сасра даныҟоуи" еиҿкаауп апроект "Кавказтәи ақалақь аҿы анеиааира" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи шықәсыбжак иаартызаауеит.
Арадио
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Шамԥҳа аԥсуа ԥҳәыс лкәадыр иазкны