Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Акультура аминистрра ааԥын азы агастрольтә план иазкны

Sputnik
Акультура аминистрра мшаԥы 1 инаркны лаҵара 31-нӡа агастрольтә план шьақәнарӷәӷәеит. Уи шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Акультура аминистрра иатәу акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
"Ааигәа ишьақәырӷәӷәан ҳгастрольтә план, сынтәа уи иалахәуп аҳәынҭқарратә коллективқәа рацәаны: акәашаратә ансамбль "Кавказ", Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз ансамбль, ахортә капелла, ансамбль "Гәында", акамертә аоркестр, Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр. Убасгьы ҳгәы иҭоуп агастрольтә план иалаҳҵарц атеатрқәа: Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Аҳәынҭқарратә Аҿартә театр", - иҳәеит Гәынба.
Иара иазгәеиҭеит аԥхын ишазгәаҭоу ақыҭақәа рҟны ансамбль "Гәында" ақәгыларақәа рымҩаԥгара, убасгьы ҵыԥх аӡиа Риҵаҟны мызкахьы ԥшьынтә ансамбль ықәгылазҭгьы, сынтәа аконцертқәа рхыԥхьаӡара еиздырҳап ҳәа ауп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аныҳәатә уснагӡатәқәа рҿы аконцертқәа рплан макьана аус адулара цоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.