Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 11 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 16 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убас Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа икарыжьит HIMARS аицҭырҟьаратә хгәыцәқәа 12, арадиолокациатә ҿагыларатә ракетак HARM.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 76, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 112 раион рыҟны.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 55-ҩык, аибашьыгатә машьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - УАМ аибашьцәа 85-ҩык, акәылӡымашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа, агаубица Д-20. Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 155-ҩык, акәылӡымашьанақәа хԥа, амашьынақәа хәба, агаубица Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Одессатәи аобласт аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҩнаргыларҭа ԥыржәеит
Алада-Донецктәии Запорожтәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аибашьцәа 70-ҩык, агаубица Д-30. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 35-ҩык, амашьынақәа жәаба, ахаланыҟәагатә гаубица "Гвоздика".