Арадио

Гәбаз Аботаникатә баҳча акурорттә аамҭа ишазыҟаҵоу азы: ҩ-напыкала аусура цоит

Аҟәатәи аботаникатә баҳҷа аӡынра шахнагази, акурорттә аамҭазы аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыҟаҵоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Sputnik
"Амҩахәасҭақәа ахаҳә сса рықәԥсатәуп, иааргараны иҟоуп, ҳазыԥшуп. Аҵлақәа амахә ҩақәа рылхра ҳаҿуп. Аусурақәа ҩ-напык рыла ицоит, атуристцәа рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵоит. Хара имгакәа арԥхарҭаҟны иҟоу ашәҭқәа адәахьы идәылаҳгоит, нас аӡҭачқәа рахь инаҳгоит. Мшаԥы анҵәамҭазы дара ашәҭра иалагоит. Ауаҩы ибла хызкуа ашәҭқәа ҳамоуп", - иҳәеит Гәбаз.
Гәбаз еиҭеиҳәеит хкы рацәала агортензиа шәҭы аиҭаҳатә Аботаникатә баҳча ҳамҭас ишарҭаз атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.