Аԥсны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Урыстәыла иҟоу ШьАР ацҳаражәҳәаҩи ҭелла еицәажәеит

Адгьылҵысра ашьҭахь хыҵакырҭада иаанхаз шьамтәылатәи аҭаацәарақәа рзы 35 модультә ҩны аанахәоит Аԥсны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Аль Џьафари ҭелла еицәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Шьамтәылатәи аган ирҳәеит адгьылҵысра ашьҭахь хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа рзы 35 модультә ҩны аахәаразы Аԥсны иҟанаҵаз ажәалагала анагӡаразы ацхыраара шыҟанаҵо азы.
Аганқәа еиқәшаҳаҭны аус шынарыгӡо рҳәеит.
Аԥсны ААР ахада Дамаск даҭаарц Шьамтәыла иҟанаҵаз ааԥхьара шьақәнарӷәӷәеит.
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит