Аԥсны

Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ далхуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи рзы атәыла ахада иабжьгаҩс дҟаиҵеит Рауль Лолуа, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Рауль Лолуа 2012 шықәсазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ЦСН напхгара аиҭон, 2014-2015 ш.ш. рзы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан, Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара адепутат.