Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Џьугьелиа абаҳчааӡара знапы алаку анхацәа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы

Sputnik
Лыхны инхо Константин Џьугьелиа еиҭеиҳәеит ааԥын иарбан шәырхкқәоу еихеиҳауа, насгьы иаҳа ианбаманшәалоу аихаҳара, инапы злаку аус ала ақыҭаҿы ихы ныҟәигартә иҟоума, анхацәа ашәырҵлақәа реиҭаҳара иахьынӡазҿлымҳау, уадаҩрас ирымоу абаҳчааӡаҩцәа, ақыҭа иахьа излаҵгәатәу, аҵас-ақьабз иаҳцәыӡуа, жәытә-натә аахыс ҳажәлар иааргоз аныҳәарақәа рмырӡра захәҭоу, реилагара аҿырԥштәқәа ааигеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.