Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев аԥырҩы дызҭам ахархәага Ту-141 ала ижәылеит, уи аппарат Тулатәи аобласт аҟны икаҳаит

Аԥырҩы дызҭам ахархәага ахькаҳаз аҭыԥ аҿы аус руеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра, азинхьчаратә усбарҭақәа, АҶА русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Киев аԥырҩы дызҭам ахархәага Ту-141 "Стриж" ала ижәылеит, аппарат Тулатәи аобласт Киреевск аҟны иканажьит РЕБ комплекс "Поле-21" ҳәа аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.

"Хәажәкыра 26 рзы Киев аԥырҩы дызҭам ахархәага Ту-141 "Стриж" ала ижәылеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Иазгәаҭоуп урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа, Тулатәи аобласт аҟны игылоу – арахь иаҵанакуеит азенит-ракетатә комплексқәа "С-300", "Панцирь-С1", акомплекс "Поле-21" ари ахырхарҭа шырыхьчо.
"Киев аԥырҩы дызҭам ахархәага Ту-141 "Стриж" ала ижәылеит, аппарат Тулатәи аобласт Киреевск аҟны иканажьит РЕБ комплекс "Поле-21", - рҳәеит аминистрраҿы.