АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Урыстәылатәи аимператор Петр I, СССР ахада Иосиф Сталин, апоет, ашәҟәыҩҩы Александр Пушкин урыстәылаа зацәажәарц ирҭаху ахаҭарақәа ираԥхьагылоуп. Абри атәы аанарԥшуеит урыстәылазегьтәи азҵаарамҩаԥгара " ВЦИОМ -Спутник" иҟанаҵаз аҭҵаарақәа реихшьаалақәа.
Ареспондентцәа алацәажәеит аҭоурыхтә хаҭарақәа рҟынтә изыҿцәажәарц ирҭаху. Аԥхьагылара роуит Пиотр I (17%), Иосиф Сталин (15%).
Иара убасгьы рыӡбахә рҳәеит: Александр Пушкин (7%), Владимир Ленин (7%), Екатерина II (7%), Михаил Ломоносов (5%), Пиотр Столыпин (5%), Николаи II (5%).
Азҵаараҭҵаара иалахәын 1600-ҩык, 18 шықәса ирҭысхьоу урыстәылаа. Аҭелтә интервиу мҩаԥысуан Урыстәыла аҵакыраҿ иҭаҩу ахыԥхьаӡарақәа ылхны. Адыррақәа еишьаршәалан асоциал-демографиатә параметрқәа рыла. Аивыгара 95% аҟынтә 2,5% еиҳам.