Урыстәыла

Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ааԥын-аԥхынтәи аихшанҵахь ииасит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза хәажәкыра 26 инаркны аҳаирпланқәа рыԥырра ааԥын-аԥхынтәи аихшанҵахь ииасит, уи ала аус рыулоит жьҭаарамза нҵәаанӡа.
Ари аҳаирбаӷәазаҟны иазгәаҭоуп аԥыррақәа 76 хырхарҭала - 54 аҩнуҵҟатәи, 22 жәларбжьаратәи. Ареисқәа мҩаԥыргоит 28 ҳаиреилахәыра, урҭ рахьынтә 8 аҳәаанырцәтәқәоуп.
Ҵыԥхаасҭа сынтәа Ҭырқәтәылаҟа 40% анага-ҩагара еизҳауеит.