АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Абгақәеи абгалаџқәеи рышьразы апрограмма заанаҵы ихыркәшахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика аветеренартә ҳақьым хада Роман Џьопуа.
Абри азы аӡбра рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара ашәахьа, хәажәкыра 27 рзы ҳәа иҳәеит иара.
"Ауснагӡатә 500 нызқьмааҭ азоужьын ашәарыцацәа рызшәаразы, 100 нызқьмааҭ – иршьыз агыгшәыгқәа рыжразы. Аԥарақәа нҵәеит. Аиҳабыра рнапынҵа заанаҵы инагӡоуп. Ишьуп 200 бгалаџи 5 қәыџьмаки", - ҳәа иҳәеит иара.
Џьопуа иазгәеиҭеит, ари ауснагӡатә иаҿагылаз ауаа шыҟазгьы, урҭ агыгшәыгқәа рышьра акәымкәа аҽа усмҩаԥгашьак рзыԥшаатәын ҳәа азгәарҭон.
Аиҳабыра рыӡбрала абгалаџ ашьразы 2500 мааҭ ршәоит, ақәыџьма ашьразы – 5000 мааҭ. Џьопуа иҳәеит макьана ашәарыцацәа аԥара шырмоуц, абанк аҿы ари аусмҩаԥгатә азы аамҭа шаҭаху.
Аԥарашәаартә схемала ашәарыцаҩ абанк аҿы аԥхьаӡамҭа ааиртыроуп, уахь анаҩс аԥара ахырыԥхьаӡалоит. Адкыларақәа мҩаԥыргон Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рветеренартә хәшәтәырҭақәа рҿы.
Иааидкыланы ашәарыцацәа инаргеит 205 бгалаџи 5 қәыџьмаки: Аҟәа араион – 3 бгалаџк; Гәдоуҭеи Гали араионқәа рҿы – 5-5 бгалаџ, Очамчыра араион аҿы ишьын 177 бгалаџ, 5 қәыџьмак; Гәылрыԥшь араион аҿы– 15 бгалаџ; Тҟәарчали Гагреи араионқәа рҿы акгьы шьымызт.