Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит абиуџьет иалам афондқәа рыҳасабырбақәа

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит аҩаша, хәажәкыра 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазтәи абиуџьет иалам афондқәа рбиуџьетқәа рынагӡаразы аҳасабырбақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Амҩатә фонд иазгәаҭаз ахашәалақәа 115 миллион мааҭ ыҟан, анагӡара– 95,3 миллион мааҭ иҟоуп (83%). Аныхрақәа рзы абиуџьеттә фонд 102,8 миллион мааҭ (86%) итәеит. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы ацәынха - 5,3 миллион мааҭ ыҟан.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд 2022 шықәсазы ахашәала 211,4 миллион мааҭ (101%) ыҟоуп, ахарџьқәа– 165 миллиони 652 нызқьмааҭ (79,1%). 2023 шықәсазтәи ацәынха – 162,9 миллион мааҭ.
Асоциалтә ԥгаԥса Афонд 2022 шықәсазы ахашәала 146,2 миллион мааҭ (119%) ыҟоуп. Ахарџьқәа 113,7 миллион мааҭ (93%). Ацәынха – 46,2 миллион мааҭ.
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Афонд 2022 шықәсазы ахашәала 54,5 миллион мааҭ (98%) ыҟоуп. Ахарџьқәа 55,3 миллион мааҭ (100%). Ацәынха 1,9 миллион мааҭ.
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит
Атәанчахәытә фонд 2022 шықәсазы ахашәала 1,36 миллиард мааҭ (104,3%). Ахарџьқәа – 1,29 миллиард мааҭ (97,9%). Ацәынха – 83,6 миллион мааҭ.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд 2022 шықәсазы ахашәала 165,4 миллион мааҭ (99,5%). Ахарџьқәа – 163,5 миллион мааҭ (98,5%). Ацәынха – 18,2 миллион мааҭ.
Иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет анагӡараз аҳасабырба. Ахашәала– 10,6 миллиард мааҭ. Ахарџь – 10,4 миллиард мааҭ.