АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҵлақәа реилыхра ахыркәшарахь инеиуеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион Анхамҩа-коммуналтә усбарҭа адиректор Феликс Сымсым.
"Аусурақәа мызкы инарзынаԥшуа имҩаԥысуеит, мышқәак рышьҭахь ихыркәшахоит. Аҷандарҵлақәеи агәырбӷьыц-ҵлақәеи амҩадуқәа рҿы иҳарҟәдуеит. Ари есышықәсатәи уснагӡатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Сымсым иҳәеит , афымцацәаҳәақәеи аинтернет-цәаҳәақәеи ирԥырхагаз аҵлақәа рымахәқәа шкадырҿҿаз. Иҟоуп акыр иажәхьоу аҵлақәа, урҭ рымахәқәа рхала ианыхжәогьы ыҟоуп.
"Аинфраструктура, афымцацәаҳәақәеи аинтернет-цәаҳәақәеи ианырԥырхагоу ыҟоуп. Уи адагьы иажәхьоу аҵлақәа рымахәқәа рхала ианыхжәогьы ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аусурақәа ирыдыԥхьалоуп араион Анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа. Урҭ атранспорт аанкылара аҭахны ианыҟоу ААИ ахылаԥшҩцәа рыцхраауеит.
Сымсым иҳәеит иԥҟатәу аҵлақәа ыҟазар аекологцәа рҟынтәи азин шырго.