Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
30 шықәса иназынаԥшуа иҵуеит Хакан Кочу Аԥсныҟа дааижьҭеи. Иахьа иара Ауаажәларратә палата далахәуп, дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳабла. Хакан иабду иабду иаб Аҳмеҭ Черкесскынтә Ҭырқәтәылаҟа иахыргаз дреиуоуп, уаҟа иахьынхаз ақыҭа аԥсуааи абазақәеи Арасаӡыхь ҳәа иашьҭоуп, ақалақь Токат иазааигәоуп. Хакан дхәыҷаахыс аҩны абаза бызшәа иаҳауан, уи акәын иидыруаз ашкол ахь дцаанӡа. Анаҩс ақалақь Чорма ауниверситет аҟны аҵара аниҵоз, Кавказаа рхылҵшьҭарақәа еидызкылоз акультуратә хәшҭаарахьы дныҟәон, далан акәашаратә гәыԥ. Иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны данаа, араҟа аибашьра еилгеижьҭеи мызқәак ракәын иҵуаз. Иара игәалаиршәеит усҟантәи аҭагылазаашьа зеиԥшраз, аха ишымариамызгьы Аԥсны нхара даангыларц шиӡбаз. Иҭоурыхтә ԥсадгьыл агәбылра изыркуаз ракәны иаликааит ауаҩреи аԥхарреи ахҭысқәа рҿырԥштәқәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.