Аԥсны

Мчыбжьык аҩнуҵҟа Аԥсны 2070 амҩатә ԥҟара еилаган

Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, амҩан амашәырқәа раԥырҟәҟәааразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Ииасыз амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа 2072 административтә ԥкаанҵа аздырхиеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
99 ԥкаанҵа азырхиан асаркьақәа рырлашьцаразы, 165 – арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы.
Амҩатә ԥҟарақәа реилагара аарԥшразы аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын аппарат хада амчратә усбарҭақәа рыҟәшақәа, Аҳәынҭавтоинспекциеи араионқәа автоинспекциа рыҟәшақәа русзуҩцәеи. Амҩа патрультә усбарҭатә ҭыԥқәа русура рӷәӷәоуп.