Аԥсны

Мшаԥымзазы Аԥсны имҩаԥгахоит раԥхьатәи амедицинатә форум

Агәабзиарахьчара аусхк аҟны иҟоу аҟазацәа рзы афорум цхыраагӡахоит, иалацәажәоит хра злоу аҿыцрақәа амедицинатә цхыраара аҟаҵараҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Аԥсны раԥхьаӡа акәны амедицинатә форум мҩаԥгахоит мшаԥымза 24-25 рзы ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Афорум ахықәкы хада - агәабзиарахьчаратә усбарҭақәеи, еиуеиԥшым аҳақьымцәеи, азиндырыҩцәеи, ахҳәааҟаҵаҩцәеи џьарак рҽеидкылан иҵарны иҟоу ауадаҩрақәа рылацәажәара, урҭ ӡбашьас ирымоу.

Афорум еиҿыркаауеит Агәабзиарахьчара аминистрреи, Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа, "Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара" аиҿкаареи. Афорум ацхантәаҩцәас иҟоуп агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи аилазаара аиҳабы Евгени Ачкасови.
Аԥсны
Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа аԥҵоуп