Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа 18 хгәыцә HIMARS карыжьит

Аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы Запарожиеи Херсони робластқәа, ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 12 карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа HIMARS 18 хгәыцәи GLSDB ареактивтә хгәыцәи карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи УАМ артиллериатә ҟәшақәа 96 ааха рырҭеит, 114 раион рҿы аруааи атехникеи ҭадырхеит, иара убас иҭархоуп украинатәи азенит-ракетатә комплекс С-300 арадиолакатор.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 65-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, х-автомашьынак.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы: ар ргәыԥ "Центр" иҭадырхеит 125-ҩык украинатә аруаа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, х-пикапк, агаубица "Гвоздика".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 240-ҩык солдаҭцәа, х-машьынак, акәылӡтранспартиорқәа хԥа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-30.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭаҿы иҭархоуп 20-ҩык аруаа, х-автомашьынак, Херсонтәи ахырхарҭаҿы –18-ҩык аруааи хә-автомашьынаки.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев аԥырҩы дызҭам ахархәага Ту-141 ала ижәылеит, уи аппарат Тулатәи аобласт аҟны икаҳаит