Аԥсуа патриотцәа ҿарацәа гәыԥҩык Гагра араион имҩаԥыргеит агәаӷьра зныԥшуаз, усҟантәи аамҭала акы иузаламҵоз аполитикатә акциа, Қырҭтәыла аиҳабыра даара ргәырҽанызҵаз. Абри амш аҽны апатриоттә еиҿкаарақәа рактивистцәа ирыӡбеит аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи араионқәа рнаплакқәеи рҿы икыдыз аҩырақәа қырҭбызшәала иахьаныз ашәыгақәа рыла ирҵәаӷәарц, уахь иаҵанакит иара убас аангыларҭақәа рҿы атрафаретқәа, џьара аԥсуа бызшәала ҩырак знымыз.
"Аԥсуаа ргәы кыдгыланы иҟан. Аҩырақәа ракәӡамызт изхараз, аха аҩыра символын. Аҭагылазаашьа аанарԥшуан аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы рзиндара. Ажәлар рықәԥараҿы иҟаз азҵааракәа зегьы амҽханакуеит. Урҭ ауаа усҟантәи аҭагылазаашьаҿы иҟарҵаз даара агәаӷьра ацуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Аҭоурыхҭҵааҩ иҳәеит, хымԥада, активистцәа ахьдырхәуан, анаҩстәи имҩаԥысыз ахҭысқәа ракәмызҭгьы ҳәа. Ԥшьымш афилармониаҿы ицоз аизара ду шыҟалаз, уи иалҵшәаны Москваҟа иҩыз ашәҟәы ианызи, аизара алахәылацәа рхьырхәреи атәы шәаҳар шәылшоит Аҩӡба иҿцәажәараҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.