Аԥсны

Баҭал Џьапуа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Абри азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Баҭал Џьапуа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
"Аҿыханҵатә ҟазара аҿиараҿы илагалеи, акультуратә ҭынха аиқәырхареи, ипрофессионалтә ҟазара аҳаракыреи рзы Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵазааит", - ҳәа аҳәоит атәыла ахада иусԥҟаҿы.
Баҭал Џьапуа – еицырдыруа атеатри акинои рсахьаҭыхыҩ, аграфик, аҿыханҵаҩ. Аԥсны акультура аусхк аҟны илагаламҭа дууп – аклассика ажанр инаркны аԥсуа милаҭтә цәамаҭәа архиараҟынӡа, зыхә дуу аметаллқәа ирылху агәаларшәагатә ԥсарқә рдизаин инаркны атеатртә декорациақәа раԥҵараҟынӡа.