Аԥсны

Гагра аӡрыжәтә анеира иалагеит

Астанциа "Репруа-2" аҿы амотори аӡыҭгагеи ԥхасҭахеит Гагра жәамш раҟара раԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра аӡрыжәтә дәықәлеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагратәи аӡыршьҭра аиҳабы Фома Агрба.
"Иахьа ишьақәҳаргылеит Краснодарынтәи иаахәан иааҳгаз амотор. Макьаназ ажәытә ӡыҭгага аус аҳаруит, аха иааиуа амчыбжь азы аӡыҭгага ҿыц ықәҳаргылароуп. Иахьа жәамш раахыс аӡы змамыз ироуит", - иҳәеит иара.
Уаанӡа Агрба иҳәахьан Урыстәылантәи афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра анаанкылаха ашьҭахь, илаҟәыз афымцамчхара иахҟьаны астанциаҿ амотор тҟәацит, аӡыҭгага ԥхасҭахеит ҳәа. Гагра араион абиуџьет аҟынтәи урҭ раахәара иазоужьын 1,3 млн мааҭ раҟара.
Агрба ишиҳәаз ала, иахьа уажәраанӡа Гагра араион Ԥсахара ақыҭан аӡы анашьҭра азҵаара иӡбаӡам. Уа илаҟәу афымцамчхара иахҟьаны аӡы аныҟоуи ианыҟами еиҟароуп.
Гагра араион ахадараҿ ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи жәамш рыҩнуҵҟа аӡы ахьыҟамыз араионқәа рахь аӡрыжәтә наргон.
Аԥсны
Гагра аӡыҭгагатә станциа иаиуз аԥхасҭа аамҭа кьаҿла иаԥыххоит