АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәыли Кьычԥҳа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс деиҭалхуп. Абри атәы лҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Гәли Кьычԥҳа лхаҭа.
Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 29 рзы. Ауаажәларратә палата алахәыла Изольда Ҳагԥҳа илҳәеит аилатәараҿы ишрыдгалаз ҩ-кандидатурак - Гәыли Кьычԥҳаи Давид Ԥлиеи ртәы.
Давид Ԥлиа ихала икандидатура ықәигеит. Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәан хәажәкыра 27 рзы. Иара аилазаара иалоуп 35-ҩык: 13-ҩык Аԥсны атәылауааи шьақәирӷәӷәоит атәыла ахада, 11-ҩык аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалххо аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа иреиуоуп, аҽа 11-ҩык атәыла аиустициа Аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалоу аполиикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи рхаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоит.
Гәыли Кьычԥҳа ҩынтәуп Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс далырхуеижьҭеи. Гәыли Кьычԥҳа - ҩынтә Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс далырххьеит, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II, III аҩаӡарақәа ланашьоуп, 2008 шықәса рзы Апланета иқәынхо анацәа жәларбжьаратәи рконгресс аҿы илырҭеит "Ахьтәы гәы" амедал анреи ахәыҷреи рыхьчаразы апрограммақәа рынагӡаразы, аԥҳәыс-ан лҭыԥи лсоциалтә роли аҳаракразы ллагала азгәаҭан. Иара убас Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликантәи Аԥсны еибашьра иааз ахатәгәаԥхаҩцәа Реидгыла аҳамҭақәа.