Ҩымш Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥыслоит ареспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы". Сынтәа уи иаднаԥхьалаз рхыԥхьаӡара зеиԥшрои, ашәаҳәаратә конкурс иарбан лшарақәоу ирзаанартуа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Сынтәа акы еиԥшымкәа рхыԥхьаӡара рацәахеит аконкурсантцәа, еиҳарак аиҵбыратә гәыԥқәа ҳәа адырра ҟаиҵеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа.
"Аиҵбыратә гәыԥ аҿы зегь реиҳа иреиҵбаӡоу илхыҵуеит ԥшьышықәса, иреиҳабӡоу - 10 шықәса. Урҭ рхыԥхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аиҳабыратә гәыԥ рхыԥхьаӡара 30-ҩык ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит аицлабра аиҿкааҩ.
Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы аицлабра "Аҿар рыбжьы" аҵакы атәы далацәажәауа иҳәеит аԥсуа шәа иаӡыргараны ишыҟоу. Аԥсуашәа агәыбылра дыркра ҳаҿуп, алҵшәагьы маҷӡам ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.