Аԥсны

"Кьараз" адгыларазы имҩаԥгаз агәыҳалалратә хәылԥаз аҟны 570 нызқьмааҭ инареиҳаны еизган

Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа хәажәкыра 29 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы аҟны еизган 573 600 мааҭ аԥара.
Еизгоу аԥарақәа рҟынтәи 105 000 мааҭ Очамчыратәи ареабилитациатә центр "ОДЮ" иаҭахоит, иаанхаз "Кьараз" имҩаԥнаго апроект зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рыцхраараз ирырҭоит.
"Кьараз" иалшоит асоциалтә проект актәи ахәҭа анагӡара. Аукцион зеиҿкаазгьы ари апроект азы акәын. Ацентр "ОДЮ" иамоу ауадаҩрақәа иаарласны аӡбара залшаӡом макьана ԥарала еизхаӡом, убри аҟнытә аԥареизгара аԥхьаҟагьы иацаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит Светлана Габуниа.
Агәыҳалалратә хәылԥазы хықәкыс иаман зылшарақәа ԥку, адиагноз ззықәыргылам, аҳақьымцәа рыцхыраара зҭаху ахәыҷқәа рыцхрааразы аԥареизгара.
Аԥсны
Афонд "Кьараз" адгыларазы агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа
Апроект нагӡахоит ҩ-хәҭакны - зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аҭҵааразы аҳақьымцәа радԥхьалара, рыбаҩ арҵәра, ашколтә программа иагхаз ахәыҷқәа рыцхраара. Абри азы афонд иаанаԥхьалоит апсихологцәа, анеиропсихологцәа, адефектологцәа, алогопедцәа, ахәаҩцәа́ (амассажҟаҵаҩцәа).
Аԥара аизгаразы еиҿкааз ахәылԥаз аҟны имҩаԥган аукцион, еизаз иддырхәҳауан аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи аҟазацәеи русумҭақәа. Иара убас имҩаԥган алотереиа, уи аҟны иаиааиз аршаҳаҭгақәа роуан еиуеиԥшым амаҵзурақәеи ма атауар аахәареи рзы алшара рызҭоз.