Арадио

Арҵаҩы ахәыҷқәа аԥсшәа рдырразы: адиктант аҩраҿы ибзиоуп, аха ацәажәароуп ирыгу

Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аҵара аминистрра аспециалист Ирина Лакәаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, амаҭәартә аолимпиадақәа шымҩаԥысуа, ахәыҷқәа иаадырԥшуа алҵшәақәа зеиԥшроу.
Sputnik
Ахәыҷқәа рдырра аизырҳараҿы аолимпиада цхыраагӡоуп, рхы аԥышәаразы аҭагылазаашьа рнаҭоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Лакәаԥҳа.
"Аолимпиада иалахәуп аԥшьбатәи акласс рҵаҩцәа аԥсуеи, аурыси, аерман бызшәақәеи, аматематикеи рзы. Иара убас, 9-тәи инаркны 11-тәи аклассқәа рҟныӡа аҵаҩцәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла. Хыԥхьаӡарала 200-ҩык инарзынаԥшуа аиҵбыратә классқәа рҟнытә ахәыҷқәа алахәуп, аиҳабыратә – 600-ҩык инарзынаԥшуа", - ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы.
Лакәаԥҳа илҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәыҷқәеи аҭаацәеи рхатәы бызшәа иаҳа ишазҿлымҳау, еиҳарак ишрықәҿио аграмматика.
"Адиктант аҩраҿы ибзиоуп, аха ацәажәароуп ирыгу. Ргәы иҭоу рызҳәаӡом. Ақалақь школқәа рҿы абызшәа иаҳа иазҿлымҳауп алитература аасҭа. Аҩымҭақәа рыԥхьара аамҭа аҭахуп, иагьацәаашьоит, ианугьы цқьа зхатәы бызшәа ззымдыруа изеилкааӡом. Ражәаҳәа ҭбааӡам", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.