Арадио

Аргәын "Кьараз" агәыҳалалратә аукцион азы: акырӡа зҵазкуа хҭысын

Sputnik
Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа. Аукцион аҟны еизгаз аԥара ззырхахо атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит агәыҳалалратә фонд анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Акырӡа зҵазкуа хҭысын агәыҳалалратә аукцион, еизаҳгаз аԥара ахәыҷ чымазаҩцәа ирызкуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аргәын.
"Кьараз" аус ауеижьҭеи акырынтә еиуеиԥшым ацхыраарақәа мҩаԥнагахьеит агәабзиарахьчара аганахьала, аха хаҭала ари ахырхарҭала ҩышықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи. Ҩышықәса рыҩнуҵҟа еизган аинформациа ахәыҷ чымазаҩцәа ирызкны, иҭҵаауп х-раионк. Гал – 31 ҭаацәара алкаауп, Тҟәарчал араион 14 ҭаацәара, Очамчыра арион - 60 ҭаацәара ахәыҷ чымазаҩцәа змоу. Дара аус рыдулан, иҟан аҭаацәарақәа агәыбзиарахьчара аминистрра иадымҵаалацызгьы, уи аус адулан, иаахәан аколиаскақәа быжьба", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.
Аргәын иажәақәа рыла аукцион аҟынтә еизган 500 нызықь мааҭ аԥара, хазы, Очамчыратәи ареабилитациатә центр азы иргылаз аԥараҭаԥсарҭаҿы иҟан 60 нызықь мааҭ. Ахәылԥаз аиҿкаара лхахьы илгеит Светлана Габуниа, уигьы имаҷымкәа илызтәеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.