Аԥсны

Аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа

Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа амҩамашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь аҭел ҟаҵан хәажәкыра 30 асааҭ 8:46 азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа иҟалаз амҩан амашәыр аҟны аӡәы дҭахеит, аҽаӡәы аахақәа иоуит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала ААИ апост ааигәара еиҿасит автомашьынақәа Hyundai, Volkswagen. Амҩан иҟалаз амашәыр аҟны аӡәы дҭахеит, аҽаӡәы аахақәа иоуит.
АҶА амцарцәаратә машьына аҭыԥ ахь инеины абылтәи ахәшеи ықәнаӡәӡәааит. Амцакра ҟамлеит.