Аԥсны

Гагра ахәҭак аӡы аанкылоуп афымцатә кабель ахьԥҵәаз иахҟьаны

Гагра аӡыҭгагатә станциа "Репруа-2" аҟы 60 метра рҟынӡа акабель ԥсахтәуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахәҭак аӡы аанкылоуп аӡыҭгагатә станциа "Репруа-2" афымцатә кабель ахьԥҵәаз иахҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагратәи аӡыршьҭра аиҳабы Фома Агрба.
"Иаха афымцамчхара амаҷра иахҟьаны аматор ахь инеиуаз акабель ԥжәеит. Анцәа иџьшьаны амотор акгьы амыхьӡеит автоматикатә хьчара ахьамаз азы. Иааидкыланы 60 метра акабель ԥсахтәуп. Иахьа уи нап алаҳкуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Агрба иазгәеиҭеит, Ԥсахара аҳаблаҿы афымцамчхара алаҟәра иахҟьаны аӡы анашьҭра еиҭа ишыуадаҩхаз.
12-мш раахыс Гагра ахәҭак ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа "Репруа-2" аҟны аӡыҭгагеи аматори ахьыԥхасҭахаз иахҟьаны. Гагра араион абиуџьет аҟынтәи урҭ раахәараз иазоужьын 1,3 млн мааҭ рҟынӡа.
Хәажәкыра 29 рзы амотор ҿыц Краснодарынтә иааганы иқәдыргылеит. Астанциа "Репруа-2" аусура иаларган.