АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба ҭадырхеит, иара убас Донецк Семионовка араион аҟны иҟаз аимадара ҭыԥ хадеи. Абри атәы аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 87 ааха арҭеит, 118 раион аҿы иҭадырхеит аруааи атехникеи. Аҳауахьчаратә хархәагақәа икарыжьит украинатәи адронқәа ааба, HIMARS асистема ареактивтә хгәыцәқәа ԥшьба.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 35-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, ҩ-автомашьынак, атанкҿагылатә пушка МТ-12, Харковтәи аобласт аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп шәҩык аруаа, ҩ-кәылӡмашьынак, х-пикапк, агаубица "Акация", Донецктәи ахырхарҭаҿы - иҭархоуп 310-ҩык украинатәи аибашьцәа, ҩ-танкк, 4-автомашьынак, 2-кәылӡмашьына, агаубица "Мста-Б".
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы аӷа ицәыӡит 50-ҩык асолдаҭцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-20, Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 40-ҩык асолдаҭцәа, х-автомашьынак, агаубица "Гвоздика", артиллериатә система М777.