Аԥсны

Аиааира 30 шықәса ахыҵразы Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла реицлабра аԥхьахәтә фонд шьҭыхуп

Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ихацныркыз аицлабра "Идырым аибашьра аҭоурыхқәа" 2023 шықәсазгьы иацҵахоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра азгәаҭараз иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиеи еицымҩаԥырго аицлабра аԥхьахәтә фонд ҩынтәны - 300 нызқьмааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп, абри атәы рҳәеит ААР апленум аилатәараҟны.
Аицлабрахь ирыдыркылоит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 инаркны 2023 шықәса жьҭаара 30 аҟынӡа ателехәаԥшреи арадиои рефирқәа рҿы иҭыҵыз ма акьыԥхь збаз ажурналистцәа русумҭақәа.
Ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ишиҳәо ала, арҭ аԥарақәа рҟынтәи 30 000 мааҭ аицлабра аӡбаҩцәа ирызшәахоит.
Иара убас Аԥсны ажурналистцәа Реидгылахь ирыдыркылеит Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои русзуҩцәа: Фатима Гьергьиаԥҳа, Асида Малиаԥҳа, Алика Ҭраԥшьԥҳа, Милана Адлеиԥҳа, Асида Гәниаԥҳа.