Аԥсны

Амаӡа ҭыԥқәа рыла анаркотикқәа алазырҵәоз даанкылоуп Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Амаӡа ҭыԥқәа рыла мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа алазырҵәоз Иарославь аобласт аҟны инхо Баимухамед Маллаев даанкылан Аҟәа.
Маллаев идбалан метадон згәылаз 300 еилаҳәыра. Иаанкылоу иажәақәа рыла, иара анаркотикқәа ааихәеит амаӡа ҭыпқәа рыла Аԥсны иалаирҵәарц. Аахәаҩцәеи иареи еимадан Whatsapp ала. Шьҭаҵараҭак азы 1000 мааҭ изыршәон.
Иара убас иаарԥшын Адлеиба амҩаҟны ииҵәаххьаз ашьҭаҵарҭақәа хәба. Иааидкыланы имху анаркотикқәа- 146, 464 грамм иҟоуп.
Хараны идырҵоит закәаншьаҭада анаркотик маҭәашьарқәа раахәара, рымазаара, мҽхакы ҭбаала аҭиразы рымҩаԥгара. Ашьаус хацыркуп.