Аԥсны

Аԥсни Башкортосҭани аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсни Башкортосҭани жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа рынагӡаразы ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҟны аусеицуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аусеицура ахырхарҭа хадақәа:
ааглыхра,
абнааглыхреи ааглыхреи русхк аҟны аусеицуреи, аинвестициақәа радыԥхьалареи,
аинвестициақәа хьазырԥшыша амҩақәа аԥҵареи анагӡареи,
астратегиатә ус азҵаарақәа рҟны аԥышәеимдара,
анҭыҵтәи ахәаахәҭра аусхк рҟны аусеицура,
аҭҵаарадырратә-техникатә аусхк рҟны аусеицура,
атехнологиақәеи аинновациақәеи рырҿиара,
аусҭҵааратә апрограммақәеи апроектқәеи аԥҵара,
аҿартә хеилакқәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара,
агәабзиарахьчара аусхк аҟны,
атуризм аусхк аҟны,
акультуратә еимадарақәа рырҿиара.