Аԥсны

Аԥсни Башкортосҭани рҵаратә усбарҭақәа рминистрцәа русеицура иалацәажәеит

Хәажәкыра 30 инаркны мшаԥы 2 рҟынӡа Аԥсны иаҭааны иҟоуп Башкортосҭан аофициалтә делегациа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Аԥсныҟа иаҭааз Ареспублика Башкортосҭан аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Аибулат Хажини рҵаратә усбарҭақәа русеицура иалацәажәеит.
Инал Габлиа иколлегацәа жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алахәхаразы ааԥхьара риҭеит.

"Сгәыӷуеит ҳусеицура аҿиара аиуп ҳәа. Иахьа ҳара Башкортосҭанынтәи ахәыҷқәа рзы ахархәара заур алшо ахыбрақәа ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Иара убас ҳколлеџьқәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара ҳалацәажәоит, анаҩс анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит" - иҳәеит Габлиа.

Аибулат Хажини Инал Габлиеи Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №4, Очамчыратәи ашкол-интернат ирҭаараны иҟоуп.