АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсни Башкортосҭани ртуристтә еилахәырақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Аԥснытәи атуроператор ИАЕ "Вояж" Башкортосҭантәи атуроператор ИАЕ "Тархани" еиқәшаҳаҭхеит:
атәыла атуриндустриа аҿиара аҽалархәра;
атурпоток аизырҳараз аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара;
атуристтә маҵзурақәа раалыҵ аҭира;
атәыла атуристтә ресурсқәа атуристцәа дырдырра арҭбаара.
Аԥсны аекономика аминистрраҿы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рызҵаара иалацәажәеит.