АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Хәажәкыра 28 рзы иҟоу адыррақәа инақәыршәаны Аԥсны 22 178-ҩык атәанчаҩцәа аиҭашәҟәҭаҩра иахысит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба.
Аџьба иажәақәа рыла, ари Аԥсны иҟоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 49 573-ҩык рҟынтәи 44,7 % иартәоит. Атәанчаҩцәа реиҳараҩык аиҭаҭаҩра иахысит Гәдоуҭа араион- 60%, еиҳа еиҵны Гал -24%.
Аџьба иҳәеит, аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыз атәанчаҩцәа рашәара 1 азы ртәанчахәы рыҭара шаанкылахо.
Атәанчаҩцәа реиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥнагоит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи араионқәа рхадацәеи.