Аԥсны

Башкортосҭантәи атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рхыԥхьаӡара 20% рыцҵара иазыхиоуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Башкортосҭантәи атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рхыԥхьаӡара 20% рыцҵара иазыхиоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Рустам Муратов.
Муратов иажәақәа рыла, башкириатәи аҵараиурҭақәа рҟны Аԥсны атуризми Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи рзы акадрқәа разыҟаҵаразы алшара ыҟоуп.
Аԥсны аминистрцәа реилазаараҟны иӡырган Башкортосҭан Аԥсны азы иамоу алшарақәа.
Башкортосҭан ахада Ради Хабиров иазгәеиҭеит, Аԥсны иаҭааз аделегациа хықәкыс ишамоу атауареикәыршара аизырҳареи, аизыҟазаашьа ҿыцқәа раԥҵареи.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит