АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
"Аамҭабжьаратәии аамҭахаратәии ҭагылазаашьақәа раан ҳапрактикатә усура шьаҭаны иазыҟало документуп", - иҳәеит ахада Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа реилацәажәараҟны.
Иара иажәақәа рыла жәларбжьаратәи аԥсҭазаараҿ аԥсахра дуқәа адҵа ҟарҵоит ихадоу астратегиатә документқәа аиҭакрақәа рылагалазарц.
Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла ахьыёпшымра арӷәӷәара, адунеитә проблемақәа рыӡбараҿы ароль ашьҭыхра, еиҳа ииашоу, ахырхарҭарацәа змоу адунеиеиҿкаараҿ ароль арӷәӷәара аус шадулатәу.