Арадио

Ҵәыџьба Урыстәыла иусумҭақәа рӡыргаразы: еиҭа аус зундаз ҳәа агәацԥыҳәара соуит

Sputnik
Аԥсуа сахьаҭыхҩы Илиа Ҵәыџьба иаԥҵамҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаауп Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы. Ацәыргақәҵа ахашәала зегьы Донбасс еибашьуа рыцхыраарахь ишьҭхоит. Ацәыргақәҵа аиҿкаара шалыршахази, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа Аԥсны анҭыҵ рцәыргаразы ирымоу алшареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхҩы Илиа Ҵәыџьба.
Асахьаҭыхыҩ Илиа Ҵәыџьба иусумҭақәа ӡыргоуп Урыстәыла ақалақьқәа рҿы. Иажәақәа рыла, иусумҭақәа рыхәаԥшразы исоциалтә даҟьахь ирыҩит. Анаҩс, аиҿкааҩцәеи арҿиаҩи хаҭала ианеибаба ашьҭахь, иазыӡбан исахьақәа Урыстәылаҟа агара. Иааидкыланы 60 сахьа алкаан. Аусумҭақәа "рымаҭәақәеи", аҳәаа ахыгара ауси ацәыргақәҵақәа реиҿкааҩцәа рхахьы иргеит. Аԥхьа асахьақәа цәыргақәҵан Новороссииск, уажәы Чаиковск.
"Ацәыргақәҵақәа Донбасс иҭахаз ирызкуп. Ҳаргьы ҳаиашьара аҟынтә иҭахаз Дмитри Ҵәыџьи егьырҭ Донбасс иҭахаз аибашьцәа ртәы еиҭарҳәоит ацәыргақәҵақәа рҿы. Сара сыхьӡала, - аусумҭақәа ргәаԥханы аӡәы иааихәар, мамзаргьы аҩналара аҟынтә иаҭныҵуа аԥарақәа зегьы еибашьуа аҷкәынцәа рфонд ахь иахыԥхьаӡалахоит. Ауаа рацәа адгыланы еиҿкаан аусмҩаԥгатә. Асахьаҭыхыҩ изы инасыԥуп ас еиԥш иӡыргара, иџьасшьоит, аиҿкааҩцәа акгьы рхамшәалаӡакәа ус еиԥш ахьаԥшьаргаз", - еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.