Аԥсны

Аҟәеи Липецки рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа Аҟәа иаатит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аҟәатәи ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинари" Липецктәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи рҵаҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа.
"Акультура аҿиара иацхраауа аҟазаратә проект аус ауеижьҭеи еицырзеиԥшу ацәыргақәҵақәа, амастер-классқәа, еиуеиԥшым арт-пленерқәа еиҿкаан", - иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара аҟазара ахырхарҭаҟны ирымоу аизыҟазаашьақәа ирыцнаҵоит.
Аҟәеи Липецки рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа Аҟәа иаатит
"Арҿиаратә еинырра аԥсуа сахьаҭыхцәа рҟазара арҿиара аус аҟны даара акрызҵазкуа акоуп. Липецктәи асахьаҭыхратә школ даараӡа аҩаӡара ҳаракуп, ҳхәыҷқәа урҭ ирҿырҵааша маҷымкәа иҟоуп", - азгәеиҭеит Қацәба.
Аҟәеи Липецки рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа Аҟәа иаатит